Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин дидикылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Лаҵара 15 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин дидикылеит агәраргагатә шәҟәыбӷьыцқәа реимдаразы.

Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц дидикылеит

Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц Алеқсеи Двинианин дидикыло дидныҳәалеит, агәыӷрагьы ааирԥшит иара абри аҩыза аҭыԥ ҳаракаҿ иҟазаара аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиаразы хра аманы иҟалап ҳәа дшахәаԥшуа.

"Шәара адипломатиатә усураҿы аԥышәа шәымоуп. Хаҭала шәара шәакәхоит ҳтәылақәа рҿаԥхьа иқәгыло азҵаарақәа жәпакы рыӡбра зылшоны иҟало. Шәусура ҳарак ишахәҭоу анагӡараҿы ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны Ахада иазгәеиҭеит сынтәа Аԥсны ишазгәарҭо Урыстәыла анапхгара Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵеижьҭеи жәа-шықәса аҵра.

"Ари аӡбра Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рҭоурых еиԥш Урыстәылатәи Афедерациа аҭоурых азгьы аҵак ду зманы иҟоу ӡброуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аԥсны Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны азхаҵара ашьҭахь ииасыз ашықәсқәа ишаадырԥшыз адунеитә уаажәларразы узықәгәыӷша ҩызаны ишыҟоу.

"Аԥсны хықәкы хаданы аҿиараҿ иабо арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи рыҟазаароуп. Ԥхьаҟагьы гәҭакны иамоу аԥсуа-аурыс стратегиатә еилахәыра ахымԥадатәра аарԥшроуп", — иҳәеит атәыла Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла иахьатәи Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа аҵак ҿыц аиуеит.

"Ииасыз ашықәсқәа ирылагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа адунеитә уаажәларра агәра дханарҵеит иӷәӷәоу, ихьыԥшым атәыла астату саманы ишыҟоу азы" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Иара убасгьы аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо Урыстәылатәи Афедерациеи дареи реизыҟазаашьа.

"Ҳара аиҩызареи аилибакаареи реиԥш иҳаҩсхьоу аҭоурых аамҭақәагьы ҳаидыркылоит", — иҳәеит иара.

Ацҳааржәҳәаҩ Семион Григориев идипломатиатә усура хырқәшахеит

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс иҟалаз Алеқсеи Двинианин атәыла Ахада агәра ииргеит Урыстәыла Ахада Владимир Путин иқәиргылаз адҵақәа рынагӡаразы илшо зегьы шыҟаиҵо.

"Сара сзы акраҵанакуеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы цҳаражәҳәаҩыс аҟалара. Агәра згоит ҳажәларқәеи ҳҳәынҭқаррақәеи ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа шрымоу. Аус ааулоит ҳтәылақәа рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны", — ҳәа азгәеиҭеит Алеқсеи Двинианин.

Алеқсеи Двинианин иазгәеиҭеит анапы зҵарыҩхьоу аиқәшаҳаҭрақәа ԥхьаҟа еиҳагьы аҿиара роуртә еиԥш иусура шышьақәиргыло.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩыс Алеқсеи Двинианин иҟалараз 2018 шықәса хәажәкыра 30 рзы аусԥҟа инапы аҵеиҩит Урыстәыла Ахада Владимир Путин. Ари аҭыԥ аҟны иара диԥсахит 2008 шықәса раахыс Ацҳаражәҳәарҭа напхгара азҭоз Семен Григорьев.