"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Ҳаԥаҭ иааиуа акурортә аамҭа иазкны
© Sputnik
"Аӡыргара аганахьала агха дуқәа ҳамоуп. Урыстәыла шаҟа аиқәшаҳаҭра ҳзыбжьаҵо, ҳаизыҟазаашьақәа шаҟа иҳарӷәӷәо ааҟара, убысҟак анаҩс аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡарагьы иацлоит. Ҵыԥх аԥсшьаҩцәа маҷызҭгьы, имҩаԥаагахьо аҭҵаарақәа рыла еилкаахахьеит, сынтәа Аԥсныҟа иаараны иҟоу рхыԥхьаӡара еиҳагьы ишмаҷхо. Иҳаргыло асасааирҭақәа рхыԥхьаӡара еизҳауеит, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷхоит. Аԥсны аӡыргараҿы ҳхы иархәароуп асоциалтә ҳақәа, урҭ рыла иалыршахоит ҳтәыла аӡбахә ауаа рырдырра", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаԥаҭ арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.