"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәыҵниаԥҳа амузеи аҟны лусура иазкны
© Sputnik
"Зегьы адырра залшом, аха амузеи аҿы снеит ҳәа угәы ианҭоук, иахьа хәлаанӡа ухы аус адуулозароуп. Избанзар асасцәа зегьы еиԥшӡам. Џьоукы уҵәылхны, џьоукы бзиа убаны азҵаара урҭоит. Ачҳара аарԥшлатәуп. Иҟоуп апровокациатә зҵаарақәа, еиҳарак ақырҭуа- аԥсуатә еибашьра акыр иазҿлымҳауп Аԥсны иаҭаауа асасцәа. Сара шьҭа саԥхьа игылоу ауаа срыхәаԥшны издыруеит, досу ирхиаз азҵаара", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.