Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәыҵниаԥҳа: амузеи ахь усура уаннеи, есыҽны ухы аус адуулароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукИлона Квициния
Илона Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа Ҳәынҭқарратә музеи аусзуҩ Илона Кәыҵниаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны иазгәалҭеит аекскурсиақәа рымҩаԥгараан асасцәа рҟынтәи иҵәылху азҵаарақәа урызхиазар ауп ҳәа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Кәыҵниаԥҳа амузеи аҟны лусура иазкны

 

"Зегьы адырра залшом, аха амузеи аҿы снеит ҳәа угәы ианҭоук, иахьа хәлаанӡа ухы аус адуулозароуп. Избанзар асасцәа зегьы еиԥшӡам. Џьоукы уҵәылхны, џьоукы бзиа убаны азҵаара урҭоит. Ачҳара аарԥшлатәуп. Иҟоуп апровокациатә зҵаарақәа, еиҳарак ақырҭуа- аԥсуатә еибашьра акыр иазҿлымҳауп Аԥсны иаҭаауа асасцәа. Сара шьҭа саԥхьа игылоу ауаа срыхәаԥшны издыруеит, досу ирхиаз азҵаара", — лҳәеит Кәыҵниаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0