Қецԥҳа: амҳаџьырра ицаны ихынҳәыз лкасы амузеи иаҭоуп
© Sputnik
"Аҭоурых иахӡызаауа занааҭла ирҵаҩу, иахьазы тәанчара иҟоу Заира Ханагуа амузеи иалҭеит аԥҳәыс нап усумҭакәа 37. Урҭ рыбжьара иҟоуп астолқәыршәқәа, ампахьшьқәа, ахчыхҟьақәа. Ҳамҭас иалҭаз амаҭәарқәа рҟынтәи хәба иаҳа азҿлымҳара зуҭаша роуп. Зегь раасҭа иналукаартә иҟоуп шәышықәса еиҳаны изхыҵуа лаб иганахьала ланду Кадихан Барчан ахәыц иалхыу лкасы", — лҳәеит Белла Кецԥҳа.