ЕгрыГЕС аусура хымш рышьҭахь ихацыркхоит

ЕгрыГЕС иҟалаз авариа иахҟьаны фымцалашарада иаанхеит Аԥсны араионқәа хԥа. Авариа ҟалеит лаҵара 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 25 – Sputnik. Бадри Есиава. ЕгрыГЕС аусура хымш рышьҭахь еиҭашьақәыргылахоит иҳәеит Sputnik Аԥсны акорреспондент аинтервиу изҭаз ЕгрыГЕС адиректор Леван Мебония. 

Уаанӡа, Аԥсны араионқәа хԥа — Очамчыратәи, Галтәи, Гәылрыԥшьтәи араионқәа рҟны афымцалашара аиура еиҭашьақәыргылоуп ҳәа аанацҳаит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.

Ҳаџьымба: 2017 шықәса рзы Егры ГЕС аанкылахар алшоит

Макьаназы авариа зыхҟьаз ҳзышьақәмыргылацт. Адеривациатә туннель ӡыла иҭәуп. Аӡы аҭыгаразы анасосқәа рықәыргылара иаҿуп ҳәа еиҭеиҳәеит Мебониа.

"Зегьы иаалырҟьаны ауп ишыҟалаз. Иаадыруеит авариа ахәбатәи аӡааирҭаҟны шакәу иахьыҟалаз, аха изыхҟьаз шьақәыргылам. Аӡәгьы ԥырхага имоуит. Авариа ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра ҳаҿуп ЕгрыГЕС аусуцәа рымчала", — иҳәеит иара.

ЕгрыГЕС Аахыҵ Кавказ реиҳа идуу гидрофымцастанциоуп, амчхара 1300 МВт. иҟоуп. Астанциа агенераторқәа Аԥсны аҵакыраҿы иҟоуп, аплотина акәзар, Қырҭтәыла аҵакыраҿы иҟоуп. Аԥсни Қырҭтәылеи иформалтәым реиқәышаҳаҭрала 40% афымцамч аиуеит Аԥсны, 60% — Қырҭтәыла.

Афымцастанциаҿы аремонттә усурақәа мҩаԥгалатәуп хәышықәса рахь знык. Уажәазы, 2006 шықәса раахыс аремонттә усурақәа мҩаԥырымгацт.

ЕгрыГЕС ареабилитациа азыԥхьагәаҭоуп 2018−2021 шықәсқәа рзы.

2017 шықәса рзы АУН "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа аҳәамҭа ҟаиҵеит 2018 шықәса рзы афымцастанциа аусура аанкылахоит ҳәа.