АҞӘА, ԥхынҷкәын 27— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Ахада 2016 шықәсазтәи аусурақәа реихшьаала иазку апресс-конференциа мҩаԥигеит. Аконференциаҟны атәыла Ахада иҳәеит Егры ГЕС аҟны акраамҭа аремонт зызумыз аӡымҩангагақәа 2017 шықәса рзы иаанкылахар алшоит ҳәа. Аусурақәа шықәсык аҟынӡа аамҭа рҭаххоит ҳәа.
"Иахьазы убасеиԥш аҭагылазаашьа ҟаланы иҟоуп, ҽааны Егры ГЕС аанаҳамкылар амуа аҟынӡа. Усҟан Урыстәылеи ҳареи ҳаицәажәароуп уахьынтәи афымцалашара ҳарҭалартә еиԥш", — иҳәеит иара.
Атәыла Ахада иҳәеит ауаа фымцала реиқәыршәаразы иалшо зегьы шыҟарҵо.
"Афымцатә ҳақәа акыр иажәхьеит. Иажәхьеит атрансформаторқәа", ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Иара убасгьы иҳәеит ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раан афымца еиԥымҟьакәа аушьҭразы Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Урыстәылантәи афымцалашара аҭахоит ҳәа.
Егры ГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟоуп, аӡеизакырҭа плотина – Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны. Егры ГЕС алшамҭа 1300 мегаватт инаӡоит.