Кьыршьал Чачхалиа диит лаҵарамза 25 1918 шықәса рзы Ԥақәашь ақыҭан. Раԥхьатәи иҩымҭақәа кьыԥхьын 1936 шықәса рзы. Иԥсҭазаара далҵит 1970 шықәса ԥхынгәы 4 рзы, 52 шықәса дшырҭагылаз. Апоет Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 100-шықәса аҵра инадҳәаланы ареспубликаҿы иазгәаҭоуп еиуеиԥшым ауснагӡатәқәа.