Уасил Царгәыш: Анатоли Ҳагба еиԥш ашәа зҳәоз дыҟаӡамызт

Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи аҳәынҭқарратә ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Царгәыш арадио Sputnik Аԥсны аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Анатоли Ҳагба изку игәалашәарақәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Анатоли Ҳагба даара иԥшӡаз абжьы ихан, иҳәеит Жәлар рашәаҳәареи рыкәашареи ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Уасил Царгәыш арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Анапҟаза Уасил Арухаа: ҳаԥсуа милаҭтә музыкатә арҳәагақәа дмырӡыр сҭахуп

"Анатоли Ҳагбеи сареи Аҷандара ауп ҳахьииз, школк ҳаицҭан, иара шықәсык дсеиҳабын, аха класск аҿы ҳаицтәан. Усҟан раионцыԥхьаӡа аолимпиадақәа мҩаԥыргон, нас уаҟа иалыркаауаз Аҟәаҟа ирыманы иаауан, афилармониа аҟны аконцертқәа мҩаԥыргон", — азгәеиҭеит иара.

Уасил Царгәыш иациҵеит, Аҷандара ақыҭаҿ аҟазара ианакәызаалак даара иҳаракны ишыҟаз.

Уасил Царгәыш Sputnik еиҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Иаҳҳәап, аспорт аҿгьы аихьӡарақәа аадырԥшуеит, ҿырԥштәыс дааҳгар ҟалоит Денис Царгәыш. Аҷандара аҽырыҩра уамашәа иҟан, Лыхнашҭа ианцалак еснагь ақәҿиарақәа рыман игьежьуан. Ҳагаа ҽыҩк рыман, уи ак авасыр ҟалаӡомызт, уи адагьы аҽыҩқәа рацәаны иҟан, ибзианы аҽқәа азыҟарҵон", — иҳәеит уи.

Анатоли Ҳагба иашәаҳәашьа Ражьден Гәымба ианиаҳа, Аҟәаҟа дигеит — ҳәа игәалаиршәеит Царгәыш.

"Толик уамашәа дубаратәы абжьы ԥшӡа иман. Ибжьы еицамкӡакәа Ражьден даниба, Аҟәаҟа дааигоит, усҟан иара аабатәи акласс далгеит. Саргьы ҩбаҟа шықәса рышьҭахь, Аҟәаҟа сааит, амузыкатә ҵараиурҭа сҭалеит, уи саналга срышьҭит ахор ашҟа, Москваҟа ацара сҽазкны сшыҟаз", — ациҵеит Царгәыш.

Усҟан Анатоли Ҳагба Жәлар рышәаҳәареи рыкәашареи ахәынҭқарратә ансамбль аҟны ашәа иҳәон.

"Аӡәы "Ачара ашәа" иҳәоит, даҽаӡәы "Ахацәа рашәа", даҽаӡәы "Ажәеиԥшьаа рашәа", Толик изымҳәоз ашәа ыҟаӡамызт, уи инаидукылалак зҳәоз иакәын. Раԥхьа иара дагьыкәашон, аха нас акәашара даҟәыхны ашәаҳәарахь диаргеит, избанзар, иара иеиԥш ашәа зҳәоз дыҟаӡамызт. Ажәлар рашәақәа зегь ак нмыжькәа иҳәон. Иаб данԥсы, иҩны қьанҭажәхо ианыҟала Аҷандараҟа дцеит, аха мчыбжьык ахь знык-ҩынтә Гәдоуҭа Акультура Ахан аҟны дцаны ашәа иҳәон", — иҳәеит Уасил Царгәыш.

Анатоли Ҳагба даара ламыси, патуи змаз, иуаҩы цқьаз иакәын, азгәеиҭеит иара.

"Уихьҳәазар иуӡомызт, ицәымӷын, аха ауаҩы ҟәымшәышә иакәын", — иҳәеит уи.

Аԥсны Жәлар рартист Анатоли Ҳагба иԥсы ҭазҭгьы ихыҵуан 80 шықәса. Ари арыцхә инамаданы Гәдоуҭатәи Акультура Ахан аҟны имҩаԥган агәалашәаратә хәылԥазы.