Sputnik
Акәашараҟнытә анапҟазарахь
Уасил Арухаа 14 шықәса инарзынаԥшуа Едуард Бебиа напхгара зиҭоз Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҿы аус иуан. Уи ашьҭахь Гәдоуҭа ақалақь аҟны иԥшәмаԥҳәыс Ирина Цадкинеи (занааҭла дхореографуп) Руслан Дбари еиҿыркаауеит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Адац".
Уасил Арухаа Ленинград аҵара дышҭаз ауп Аԥсны аибашьра шалагаз. Иара иҵара ааныжьны дхынҳәуеит иԥсадгьыл ахь. Аибашьра аҟны дҭахоит иашьа еиҳабы Витали Арухаа. Заб игәараҭа аанызмыжьыз Уасил Арухаа иусурақәа ааныжьы нхара ҳәа иаб игәараҭа дазыхынҳәуеит.
Уасил Арухаа аԥсуа жәлар рарҳәагақәа рыҟаҵара далагеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра анеилга ашьҭахь.
"Анапҟазара снапы асыркит аибашьра ашьҭахь. Аиаша шәасҳәап, исцәагои ҳәа салагеит аԥхьа, акырӡа аџьабаа збеит, иара уааҟәымҵӡакәа уаҿызар, акаҿы укылнагоит. Оҭар Хәынҵариеи сареи ҳаиҩызцәан, иара иоуп раԥхьа исазҳәаз аинструментқәа рыҟаҵара уаламго ҳәа, аԥхьа мап скит, иара абра дцо-даауа дысҟәамҵӡеит. Иахьазы аԥсуа инструментқәа зегьы ҟасҵоит, анапҟазара зынӡа сшацәыхаразгьы", — иҳәоит Уасил Арухаа.
Аибашьра ашьҭахь, ааха ӷәӷәа зауз акультура еиҭашьақәыргылатәын, аҵараиурҭақәа ирҭахын амузыкатә арҳәагақәа. Уасил Арухаа инапы злаикыз уи азы цхыраагӡа дуун.
Ачамгәыр, нас аҩымаа, ахымаа
Уасил Арухаа иажәақәа рыла, раԥхьаӡа иҟаиҵоз арҳәагақәа рхаҭабзиара лаҟәын. Акы ҟаиҵацыԥхьаӡа иара Оҭар Хәынҵариа диазҵаауан.
"Исгәалашәоит зегь раԥхьа иҟасҵаз ачамгәыр. Уи санаҿыз убри аҟара аџьабаа збеит, иаансыжьратә аҟынӡа снанагеит. Аха Оҭар Хәынҵариа, иахьа иамузар, уаҵәы иауеит ҳәа саҳәо, икасыжьратә иҟаимҵеит. Убас мацара сшаҿыз исықәманшәалахо иалагеит. Зегь реиҳа ихадароу амузыкатә инструмент аҟны абжьы агара ауп, аԥшӡара аасҭа. Ачамгәыр ашьҭахь сара иҟасҵеит аҩымаа, ахымаа, аԥхьарца. Аҿарпын аҟаҵаразы аматериал алԥшааразы акырӡа аџьабаа збеит. Уи даараӡа еиҭашәоуп", — ҳәа ациҵеит иара.
Аинструментқәа злухлак ҟалаӡом, иҳәоит анапҟаза, доусы ирықәнаго аҵла алухроуп.
"Амаҭәахә ааназго ихароуп сахьцо, ҽыла сцоит, уахьынтә ирыцқьаны иаазгоит. Иахьа акы, уаҵәы аҽакы - абасала иахәҭоу сыԥшаауеит. Шьоукы-шьоукы аинструментқәа злысхуа аматериал сара исыздырӡом, блала издыруеит акәымзар, аҵла избеит издыруеит. Абас ак ҟаҵо, ҩба ҟаҵо иара аҵиаа аҟынӡа снеит, иахьӡугьы сыздыруам. Уи сара сызҿу аӡәы исҿиҵаарц ҳәа сшәаны исымҳәаз џьышәымшьан", - ҳәа алафгьы ациҵеит иара.
Аинструментқәа рыҟаҵашьа
Иахьатәи аԥсҭазаара иахьынӡауа аҽеиҿнакаар сҭахуп иҳәоит анапҟаза, идмырӡыр сҭахуп ҳаԥсуа рҳәагақәа, убри азы саҿуп ари имариам аус.
"Ачамгәыр злырхуаз анкьа ашәи али ракәын, аԥхьарца злырхуа ҳәа издыруа ашәҵла ауп. Хәаԥ бырг бзиак дыҟан сара саналагоз, сиазҵааит аԥхьарца злырхуеи ҳәа, усҟан ус сеиҳәеит алаҳа иалырхуеит ҳәа. Алаҳа иалхны иҟасҵахьеит сара, аха уамак иманшәалам. Аԥхара анаслак аҽеиҿнакааӡом. Инаҳәы-ааҳәуа иҟалоит, аԥхьарца ахаҭабзиара ҟаларазы ари аҵла аструктура ианаалаӡом. Аҿарпын ҳәа иҟоу ҵлоуп, иҵиааны иҩеиуеит, аха аҳаскьын уаӷрагылар ҟалаӡом, иҟьцоит. Аҿарпын узыҟаҵаӡом ҳәа сеиҳәеит Оҭар, зыԥсаҭа шкәакәахаша, сара ишԥасзыҟамҵо сҳәан, иагьыҟасҵеит. Уи аамҭаз Урыстәылантәи иаазгеит еиуеиԥшым аинструментқәа злысхшаз амаҭәарқәа. 60 см иҟазар ауп аҿарпын злакылауҵәо апарпанта. Сгәы иаҭаху аинструмент, зегь реиҳа иҟасҵандаз ҳәа сгәы ззыҳәо аԥхьарца ауп. Иара аклассикатә инструментуп, иара ажәа ахаҭа иаҳәоит, ҳаԥсуа инструментқәа зегьы иреиҳауп аԥхьарца, раԥхьа игылоуп. Аԥхьарца иамҳәо ҳәа акгьы ыҟаӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Уасил Арухаа.
Уасил Арухаа иҟаиҵо аинструментқәа зегьы напыла ауп ишыҟаиҵо.
"Напыла ауп ишыҟасҵо аинструментқәа зегьы, ус ирацәангьы иҟасҵаратәы ацех ҳәа иазыԥҵәаны исымаӡам. Раԥхьа асхема ҭысхуеит. Ачамгәырқәа иҟасҵоз зегьы аԥсуа иитәу, еидкылоу ҳәа изышьҭо ауп. Ачамгәыр злысхуа аматериал асхема ҭысхуеит, ашьҭахь еиҩысххауеит, нас амгәацәа сынҭаланы исрыцқьоит, нас ишахәҭоу аус адызулоит, аҵыхәтәан алымҳаҵәқәеи арахәыцқәеи наҭаны ишәны, ачамгәыр урҳәаратәы иҟалоит", — иҳәоит иара.
Жәлар ринструментқәа рыхкқәа зегьы ҟаиҵоит Уасил Арухаа. Иара аамҭа рацәа дадхалоит: аҿарпын, аԥхьарца, аҟьаԥҟьаԥ ҽнак ала иҟаиҵозар, ачамгәыр, аҩымаа, ахымаа мчыбжьык инеиҳаны дадхалоит.
"Аинструмент аныҟасҵо сзызхәыцуа акоуп: ҳинструментқәа ыӡыр ҳаԥсуа бызшәагьы ыӡуеит. Уи иӡыр иқәҳхуеи адунеи? Абри азҵаара рхы иарҭароуп зегьы. Шьоукы рзы аԥароуп иҟоу, аха абарҭ зегьы ҳцәыӡыр, нас ҳаԥсыуаауп ҳәа злаҳҳәои", - ҳәа игәы иҵхо иҳәоит иара.
Уасил Арухаа жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рыҟаҵара дшазҟазоугьы, иара уамак салаҟоуп ҳәа иҳәом.
"Схы сырҽхәо ҟалашьа амам, иҟасҵо зегьы сҿызҵаарц зҭаху рзы саартуп. Зегьы хазынаны исықәҿиоит ҳәа сҳәаргьы иашам. Напыла мацара иҟасҵоит, аџьабаа ӷәӷәа сзацуп, аха иҟасҵо аинструментқәа аӡәы ихәаны иҟалар, уи еиҳау насыԥ сзыҟалом сара", - ҳәа азгәеиҭеит анапҟаза.
Ҩажәа шықәса ирылагӡаны Уасил Арухаа иҟаиҵахьоу амузыкатә инструментқәа иахьа рхы иадырхәоит ҳҵараиурҭақәа рҟны.
Ҟазарыла иҭәу аҭаацәара
Уасил Арухаа аԥсҭазаараҿы аҭаацәара аганахьала даара насыԥ змоу уаҩуп. Иԥшәмаԥҳәыс Ирина Цадкина дхореографуп, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭаҿы аус луеит.
Иҷкәын аиҳабы Денис Аҟәатәи аҳәынҭқарратә акультуратә ҵараиурҭа доушьҭымҭоуп. Далгахьеит Краснодартәи аҳәынҭқарратә акультуратә университет. Аҳәынҭқарратә жәлар рмузыкатә арҳәагақәа роркестр еиҿкааны имоуп. Гәдиса Арухаа иакәзар, ансамбль "Адац" асахьаркыратә напхгаҩуп. Дениси Гәдисеи раҳәшьа Илона дҭаацәароуп, ҩыџьа аԥҳацәа лааӡоит, урҭгьы аҟазара иадрыԥхьалоит.
Уасил иԥшәмаԥҳәыси иареи акультура амаҵ азыруеит, уи аҿиарази ашьҭыхрази рџьабаа рацәоуп, дара рышьҭа иқәуп рыхшарагьы.
Инапҟазара инамаданы, ақыҭа, аб иџьынџь иамоу ауадаҩрақәаӷьы аибашьра ашьҭахь зыжәҩахыр иқәызҵаз Уасил Арухаа уи ишақәнагоу иныҟәигоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Џьыкырԥҳа: аԥхьарца абжьы ахаареи аԥшӡареи сгәы иақәшәоит
-
Аԥсуа жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рыҟаҵашьа апроцесс
-
Аџьабаа зцу, аха зыбжьы хаау жәлар рмузыкатә арҳәагақәа рыҟаҵашьа