Аԥсны амедицинатә ԥгаԥса рыҭара хацыркуп

Амедицинатә ԥгаԥса аиуразы атәылауаҩ имазароуп аԥсуа ҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәи урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29– Sputnik. Аԥсны атәылауаа ирымоуп алшара амедицинатә ԥгаԥса ареспубликатәи ма араионтәи хәышәтәырҭақәа рҟны аиура ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Рустам Занҭариа.

"Аԥсны ахы аҵыхәа иаартхоит амедицинатә ԥгаԥса ахьрырҭо аҭыԥқәа быжьба: Гагра, Гәдоуҭа, Гәылрыԥшь, Очамчыра, Тҟәарчал, Аҟәа (2 пунктк)", — иҳәеит Занҭариа.

Амедицинатә ԥгаԥса аиуразы атәылауаҩ имазароуп аԥсуа ҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәи урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәи.

"Аԥгаԥса рыҭара ҵаҵӷәны иамоу Урыстәыла ушатәылауаҩу шьақәзырӷәӷәо атәылауаҩшәҟәқәа роуп. Абри аус аҿы ипроблемахар зылшоны иҟоу — ауааԥсыра урыстәылатәи ртәылауаҩшәҟәқәа рыҿҳәара ахьахыԥоу ауп. Ареспублика атәылауаа ирабжьаҳгоит, адокументқәа рыԥсахразы, ианаамҭоу ацҳаражәҳәарҭахь инаргаларц", — иҳәеит иара.

Аԥсны ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса иазку аусурақәа заа рҭыԥ иқәҵоуп

Занҭариа иажәақәа рыла, аԥгаԥса рыҭарҭа аҭыԥқәа рҿы макьаназ ауаа рацәа ыҟам. Изҭахны иҟоу ирылшоит адокументқәа разырхиара.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭараз рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит 2017 шықәса, жьҭаара 16 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аполис рыҭахоит 190 000-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхымҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Аԥгаԥса Урыстәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара азинмчра амоуп.