Аԥсны ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса иазку аусурақәа заа рҭыԥ иқәҵоуп

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОформление полисов ОСАГО и КАСКО в Казани
Оформление полисов ОСАГО и КАСКО в Казани - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакьиеи Урыстәыла Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсазы Афедералтә фонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иури Нечепоренкои еиԥылеит ахаша, лаҵара 16 рзы. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

АҞӘА, лаҵара 17 – Sputnik. Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Цахнакьиеи Урыстәыла ОМС Афедералтә фонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иури Нечеперенкои еиԥылеит ахаша, лаҵара 16 рзы. Абри атәы аанацҳауеит агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура. Аиԥылараҟны ирылацәажәан амедицинатә полисқәа рыҭара азҵаарақәа, иазгәаҭан Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра аполисқәа ауааԥсыра рыҭаразы иаҭахны иҟаз аусурақәа зегьы заа имҩаԥнагеит ҳәа.

"Агәабзиарахьчара аминистрра аусурақәа иарбаз аҿҳәара нҵәаанӡа инанагӡеит. Аҭаратә пунктқәа акадрқәа рыла еиқәыршәоуп. Мчыбжьык аҩныҵҟа ареспубликаҿы иаарту аҭаратә ҭыԥқәа русура ахьынӡеишьашәалоу гәаҭахоит, еиҿкаахоит",— иҳәеит Нечепоренко.

Иара иазгәеиҭеит аҭыԥантәи ауааԥсыра аус рыдулара алагара шалшо. "Аҭагылазаашьа агәахәара ду унаҭоит", — иҳәеит Нечепоренко.

Иааиуа амчыбжь азы ауааԥсыра ирыҭахоит аинформациа харҭәаа ҳәа азгәеиҭеит Ҭамаз Цахнакьиа.

Полис ОМС, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса аполисқәа лассы рыҭара иалагоит

Абри аус аҿы ипроблемахар зылшоны иҟоу ауааԥсыра урыстәылатәи рпаспортқәа рыҿҳәара ахыԥароуп, рҳәеит аиԥылараҟны. Аполисқәа рыҭара ҵаҵӷәны иамоу Урыстәыла ушатәылауаҩу шьақәзырӷәӷәо апаспортқәа роуп.

Ареспублика атәылауаа ирабжьыргеит, адокументқәа рыԥсахразы, ианаамҭоу ацҳаражәҳәарҭахь инаргаларц.

Аԥсны ахы аҵыхәа иаартхоит аполисқәа ахьрырҭо аҭыԥқәа быжьба.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны аҵакыраҿ инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥса рыҭаразы рнапы зҵарҩыз Аиқәшаҳаҭра аратификациа арҭеит 2017 шықәса жьҭаара 16 рзы.

Агәабзиарахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аполис рыҭахоит 190 000-ҩык рҟынӡа Аԥсны ауааԥсыра, 14 шықәса рҟынӡа зхымҵуа ахәыҷқәа аламҵакәа.

Аполисқәа Урыстәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара азинмчра рымоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0