Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц аусура ду аԥхьанеиуан

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы аҳәамҭа ҟаҵан лаҵара 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 29 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Азхаҵара амҩаԥгара мышкала иуӡбо зҵаараӡам, уи иаԥхьанеиуеит аганқәа русеицура ҭбаа, реинырра иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба. 

"Еицырдыруа акоуп аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ҳтәылақәа рыбжьара аполитикатә еиԥш акультуратәи, аспорттәи, агуманитартәи усхкқәа рҟны аусеицура шымҩаԥысуаз. Аҵакы аманы иҟоуп иара убасгьы аԥсуа-адыга диаспора аҟазаара. Урҭ рхаҭарнакцәа шьамтәылатәи аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рҟны акаапн ду рыманы иҟоуп, ражәа иалнадоит" — иҳәеит Ҭыжәба.

Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит

Иахьатәи ахҭыс аҟалара иацхрааит Аԥснытәи аделегациа, злахәыраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа ыҟаз 2017 шықәса нанҳәамзазы Шьамтәылатәи ареспублика раҭаара. Усҟан урҭ алахәын Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка.

"Усҟан имҩаԥган адәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рнапхгаҩцәа реицәажәарақәа, реинырра", — иҳәеит аминистр ицхырааҩ.

Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟекономика аминистр Мухаммед Самер Халили алацәажәеит ԥхьаҟатәи реинырра.

2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхио азы.

Еиуеиԥшым адыррақәа рыла 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, европа, Америка, Канада инхо. Зынӡа 60 тыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

Лаҵара 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.