Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит

© Sputnik / Дмитрий Виноградов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация в Сирии
Ситуация в Сирии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи инарыдҳәаланы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аҳәамҭа ҟаиҵеит.

АҞӘА, лаҵара 29 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иофициалтә саит иҟанаҵеит адырраҭара Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Арабтә республикеи аицазхаҵара рыларҳәеит ҳәа.

"Ари ахҭыс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациаҟны аус зуа Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭеи егьырҭ Аԥсны еиуеиԥшым аусбарҭақәеи русура ду аԥхьанеиуан. Аԥснытәии Шьамтәылатәии аофициалтә хаҿқәа аиҭанеиааира рыбжьан, иҟаин аинырра ду. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит Шьамтәылатәи Арабтә республика анапхгара иҟанаҵаз ашьаҿы. Агәра аагоит ԥхьаҟатәи ҳаизыҟазаашьақәа аҳаҭыреиқәҵареи аимабзиареи рымҩала имҩаԥыслап ҳәа. Агәыӷра ҳамоуп хара имгакәа шьамтәылатәи адгьыл иаҭаап ҳәа аҭынчра, аҭынч ԥсҭазаара иазыхынҳәып ҳәа иқәынхо ажәлар", — ҳәа Рауль Ҳаџьымба иажәақәа еиҭанаҳәоит асаит.

Лаҵара 28 рзы имҩаԥысуан Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.

Аԥснытәи аделегациа, злахәыраҿы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Геннади Гагәылиа ыҟаз 2017 шықәса нанҳәамзазы Шьамтәылатәи ареспублика иаҭааит.

Аԥсны аекономика аминистр Адгәыр Арӡынбеи Шьамтәыла адәныҟекономика аминистр Мухаммед Самер Халили алацәажәеит ԥхьаҟатәи реинырра.

2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхио азы.

Еиуеиԥшым адыррақәа рыла 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, европа, Америка, Канада инхо. Зынӡа 60 тыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0