Дауров: амармалташь пты ахәшәақәҭәагақәа араионқәа ирзеихыршоит

Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров, Sputnik аинтервиу аҭауа, иҳәеит ареспубликаҿы амармалташь пты иаҿагыланы ауснагӡатәқәа шымҩаԥырго.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 31– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Урыстәылантәи иааргеит 130 хәшәықәҭәага, амармалташь пты иаҿагыланы ақыҭанхамҩатә аарыхра аус адуларазы. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров.

Дбар: апты ҿыхан аԥсабарахь идәықәлаанӡа иннырҵәатәуп

"Аусурақәа шцац ицоит. Ахәшәқәа рыла ҳаиқәшәоуп, аха ахәшәақәҭәагақәа ҳазхомызт. Уи азҵаара иахьазы иӡбоуп. Урыстәылантәи иҳауит 130 ақәҭәага. Урҭ уажәы араионқәа рахь еихаҳшоит", — иҳәеит Дауров.

Зқьы гектар инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аарыхырҭақәа ахәшә рықәырҭәахьеит амармалташьтә пты аҿиара амаиурц.

"Амармалташьтә пты анырҵәаразы аусурақәа ҳарҿуп. Еиҳа ауадаҩрақәа ыҟоуп ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы, иара убас Гәдоуҭа араион аҿи. Уажәы арасаҵлақәа ахәшә рықәаҳҭәоит. Аусурақәа жьҭаарамзанӡа имҩаԥаагалоит", — иҳәеит иара.

Апты шьаҭанкыла ақәгара залшом, аха ахыԥхьаӡара акыр илаурҟәыр ауеит ҳәа азырыԥхьаӡеит аусбарҭаҿы

Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба амармалташь пты аныхра еиҿызкаауа ареспубликатә штаб аԥҵаразы аилацәажәара мҩаԥигеит аҵарауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.

Аштаб напхгара аиҭоит Аԥсны Аԥыза-министр.

Аштаб аилазаарахь иалаҵан ҳаҭҵаарадырратә институтқәа рхаҭарнакцәа, абри ахырхарҭаҿы ашәарҭадара алыршара иазырхоу аструктурақәа рхаҭарнакцәа. Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа есымчыбжьа аштаб анапхгареи Ақыҭанхамҩа аминистрреи ирыҿцаалароуп рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа аӡбра рзуразы ҳәа шьақәыргылан.

Амармалташь пты ақәхра иацҵахоит

Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аусура хра аманы иҟазарц азы иахәҭаны иҟоу амониторинг мҩаԥгалатәуп ҳәа. Иара убасгьы иазыӡбан араионқәа рҟынгьы иаԥҵатәуп аштабқәа ҳәа.

"Араионқәа рыштабқәа реилазаара иалаҵахоит ақыҭанхамҩатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҭыԥ аҿы хаҭала аус зуа. Аекологиа аинститут, Ақыҭанхамҩа аинститут, Ақыҭанхамҩа аминистрра рнапхгарақәа рахь аҳәара ҟасҵоит ауаа идшәырдырларц апты иаҿагыланы ақәԥара аметодқәас иҟоу", — иҳәеит аилатәараҟны Рауль Ҳаџьымба.

Амармалташьтә пты Амшын еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа.

Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.

Аҿиара амоуп +15ºС +33 ºС рҟынӡа аԥхарраҿы.