АҞӘА, лаҵара 25– Sputnik. Лаҵарамза анҵәамҭазы Урыстәылантәи иааргараны иҟоуп 130 хәшәықәҭәага, амармалташь пты иаҿагыланы ақыҭанхамҩатә аарыхра аус адуларазы. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров.
"Аусурақәа шцац ицоит. Ахәшәқәа рыла ҳаиқәшәоуп, аха ахәшәқәҭәагақәа ҳазхомызт. Уи азҵаара иахьазы иӡбоуп. Урыстәылантәи иҳаураны иҟоуп 130 қәҭәага. Урҭ шааҳаулак араионқәа рахь еихаҳшоит", — иҳәеит Дауров.
Зқьы гектар инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аарыхырҭақәа ахәшә рықәырҭәахьеит амармалташьтә пты аҿиара амаиурц, иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Владимир Дауров.
"Амармалташьтә пты анырҵәаразы аусурақәа ҳарҿуп. Еиҳа ауадаҩрақәа ыҟоуп ареспублика мрагыларатәи ахәҭаҿы, иара убас Гәдоуҭа араион аҿи. Уажәы арасаҵлақәа ахәшә рықәаҳҭәоит. Аусурақәа жьҭаарамзанӡа имҩаԥаагалоит", — иҳәеит иара.
Апты шьаҭанкыла ақәгара залшом, аха ахыԥхьаӡара акыр илаурҟәыр ауеит ҳәа азырыԥхьаӡеит аусбарҭаҿы.
Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба амармалташь пты аныхра еиҿызкаауа ареспубликатә штаб аԥҵаразы аилацәажәара мҩаԥигеит аҵарауаа, ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.
Аштаб напхгара аиҭоит Аԥсны Аԥыза-министр.
Аштаб аилазаарахь иалаҵан ҳаҭҵаарадырратә институтқәа рхаҭарнакцәа, абри ахырхарҭаҿы ашәарҭадара алыршара иазырхо аструктурақәа рхаҭарнакцәа. Араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа есымчыбжьа аштаб анапхгареи Ақыҭанхамҩа аминистрреи ирыҿцаалароуп рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаарақәа аӡбра рзуразы ҳәа шьақәыргылан.
Атәыла Ахада иазгәеиҭеит аусура хра аманы иҟазарц азы иахәҭаны иҟоу амониторинг мҩаԥгалатәуп ҳәа. Иара убасгьы иазыӡбан араионқәа рҟынгьы иаԥҵатәуп аштабқәа ҳәа.
"Араионқәа рыштабқәа реилазаара иалаҵахоит ақыҭанхамҩатә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа, аҭыԥ аҿы хаҭала аус зуа. Аекологиа аинститут, Ақыҭанхамҩа аинститут, Ақыҭанхамҩа аминистрра рнапхгарақәа рахь аҳәаар ҟасҵоит ауаа идшәырдырларц апты иаҿагыланы ақәԥара аметодқәас иҟоу", — иҳәеит аилатәараҟны Рауль Ҳаџьымба.
Амармалташьтә пты Амшын еиқәа аҿықә иаԥну атәылақәа рҿы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа.
Иара рбеит Новороссиски Шәачеи иахьрыҵаркуагьы. Ауаа рзы шәарҭара аҵам.
Аҿиара амоуп +15ºС +33 ºС рҟынӡа аԥхарраҿы.