Хәымш рышьҭахь: ЕгрыГЕС аусура хацнаркит

Лаҵара 24 рзы иҟалаз авариа ашьҭахь ЕгрыГЕС аҟны аремонттә усурақәа мҩаԥысуан хәымш.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik. Лаҵара 24 рзы иҟалаз авариа ашьҭахь ЕгрыГЕС аҟны аремонттә усурақәа мҩаԥысуан хәымш рыҩныҵҟа. Уажәы ЕгрыГЕС уаанӡеиԥш аусура еиҭахацнаркит ҳәа аанацҳауеит АУН "Амшынеиқәафымцамч".

ЕгрыГЕС аусура хымш рышьҭахь ихацыркхоит

"Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара мҩаԥыргон ГЕС – 1; ВЛ —220 кВ "Псоу"(Салхино) ", — ҳәа аҳәоит АУН "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура адырраҭара.

Авариа ахьыҟалаз, агидроагрегатқәа еидызҳәало адеривациатә тоннель аҟны аҵыхәтәантәи аусурақәа мҩаԥган 2006 шықәса рзы. Анормативқәа ирықәыршәаны аусурақәа ес-хәышықәса имҩаԥгалатәуп. Иахьазы имҩаԥырго амониторинг алкаақәа инақәыршәаны 2018 шықәса рзы атоннель аҟны аремонттә усурақәа ирылагоит.

ЕгрыГЕС аусура хацыркхеит 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны иҟоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны иҟоуп. ГЕС амчхара 1300 мегаватт инаӡоит.