Арадио

Ҳаџьымба: иаарласны Шьамтәыла аиҳабыреи ҳареи ҳаиԥылап ҳәа сгәыӷуеит

Шьамтәыла аганахьала Аԥсны азхаҵара иазку амитинг аҟны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит ус еиԥш аӡбамҭа агәаӷьра ду шацыз.
Sputnik
Ҳаџьымба: Аԥсны ахьԥшымра азхаҵарала Шьамтәыла агәаӷьра ду аанарԥшит

"Аибашьра иаладыргылаз, иахьа Европа аҳәынҭқарра дуқәеи Америкеи ирҿагыланы иқәԥо Шьамтәыла, имшәа-имырҳа ҳахьызхарҵаз, уи мариаӡамызт. Ибзианы ишәгәалашәоит Урыстәыла ҳаназханаҵа, иахҭыргаз. Шьамтәыла агәаӷьра ду аанарԥшит. Ҳаԥхьаҟа ишьҭоуп азҵаара дуқәа, қьаадла ҳаизыҟазаашьақәа реиқәыршәара. Уи мариам, аха агәра згоит уи знапы алазкуа ауаа даара ибзианы аус адырулап ҳәа. Иаарласынгьы Шьамтәыла аиҳабыреи ҳареи ҳаиԥылара ҟалап ҳәа агәыӷра сымоуп. Иҟоуп ахырхарҭақәа ҳахьеидгылаша, аус ахьеицаҳуша, уаҟа иқәынхо аԥсуа милаҭ иаҳа Аԥсынра разааигәахара,  Шьамтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырҭбааразы аҭагылаазашьақәа ахьаԥаҳҵаша", — ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.

Шьамтәыла аганахьала Аԥсны азхаҵара иазку митинг аҟнытә авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Шьамтәыла аганахьала Аԥсны азхаҵара иазку митинг аҟнытә ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>>