Аҭоурыхтә хҭыс: Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара иазкыз амитинг мҩаԥган Аҟәа

Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы аҳәамҭа ҟаҵан лаҵара 29 рзы.

Амитинг мҩаԥысит Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аминистрра ашҭаҿы.

Ажәабжь инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Рауль Ҳаџьымба иқәгылара шәаӡыӡырҩыр ҟалоит абра>>

"Ибзиаӡаны ижәдыруеит Урыстәыла ҳара ҳаназхарҵоз иахҭныргаз, аха Урыстәыла аҳәынҭқарра даҽакала аҭагылазаашьа аман, аха уигьы иахҭыргаз даараӡа ирацәахеит. Иахьа аибашьра иалагылан Шьамтәыла имшәа-имырҳа Аԥсны ахьазхарҵаз даараӡа агәаӷьра ду аадырԥшит", — ациҵеит уи.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аминистрра ахада Беслан Дбар иқәгылараан иҳәеит Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара наунагӡа аҭоурых аҿы ишынхо.

"Башар Асад бжьы-шықәса инареиҳаны атерроризм даҿагыланы дықәԥоит, ижәлари иареи аиааира ргеит, уи аиааира хымԥада баша изыҟамлаӡеит, адгылара ӷәӷәа ыҟан Урыстәыла аганахь ала. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь алагьы ацхыраара ыҟан, акәты иалшо акәтаӷь ҳәа, цхыраарак аҳасаб ала 10 нызқь ԥаҭлыка аӡыцқьа ҳашьҭит", — иҳәеит уи.

Амитинг ашҟа инеиз ауаа рхыԥхьаӡара акыр ирацәан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа ихынҳәыз ауаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0