Рауль Ҳаџьымба: Шьамтәыла Аԥсны азхаҵарала агәаӷьра ду аанарԥшит

Аԥсны Аҳәынҭқарреи Шьамтәылатәи Ареспубликеи рыбжьара ахьыԥшымра азхаҵареи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылареи рзы аҳәамҭа ҟаҵан лаҵара 29 рзы.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Шьамтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵарала агәаӷьра ду аанарԥшит иҳәеит Рауль Ҳаџьымба Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара иазкыз амитинг аҟны.

Амитинг аҟнытә авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

Рауль Ҳаџьымба иқәгылара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Амитинг мҩаԥысит Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аминистрра ашҭаҿы.

Шьамтәылатәи Ареспублика Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵарц аусура ду аԥхьанеиуан

"Ибзиаӡаны ижәдыруеит Урыстәыла ҳара ҳаназхарҵоз иахҭныргаз, аха Урыстәыла аҳәынҭқарра даҽакала аҭагылазаашьа аман, аха уигьы иахҭыргаз даараӡа ирацәахеит. Иахьа аибашьра иалагылан Шьамтәыла имшәа-имырҳа Аԥсны ахьазхарҵаз даараӡа агәаӷьра ду аадырԥшит", — ациҵеит уи.

Аԥсни Шьамтәылеи рыбжьара макьана аус дуқәа шьҭоуп, иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

"Иаҭахуп қьаадла ҳаизыҟазаашьақәа реиқәыршәара, урҭ реиқәыршәара мариаӡам, аха агәра згоит уахьгьы арахьгьы ари аус знапы алазкуа даара ҭакԥхықәрала ишазнеиуа, иаарласынгьы Шьамтәыла аиҳабыреи ҳареи ҳаиԥылара ҟалоит ҳәа сақәгәыӷуеит", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ҩ-ҳәынҭқаррак аус ахьеицыруша ахырхарҭақәа рацәоуп ҳәа иԥхьаӡоит Аԥсны Ахада.

Митинг, посвященный признанию Абхазии Сирийской Арабской Республикой

"Аԥсуа милаҭ уаҟа иқәынхо иҵегьы Аԥсынра иазааигәахартә еиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара аҭахуп. Агәра згоит, ҳаԥхьаҟа аус рацәа шышьҭоу", — азгәеиҭеит иара.

Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аминистрра ахада Беслан Дбар иқәгылараан иҳәеит Шьамтәыла Аԥсны азхаҵара наунагӡа аҭоурых аҿы ишынхо.

"Башар Асад бжьы-шықәса инареиҳаны атерроризм даҿагыланы дықәԥоит, ижәлари иареи аиааира ргеит, уи аиааира хымԥада баша изыҟамлаӡеит, адгылара ӷәӷәа ыҟан Урыстәыла аганахь ала. Иара Аԥсны Аҳәынҭқарра аганахь алагьы ацхыраара ыҟан, акәты иалшо акәтаӷь ҳәа, цхыраарак аҳасаб ала 10 нызқь ԥаҭлыка аӡыцқьа ҳашьҭит", — иҳәеит уи.

Амитинг ашҟа инеиз ауаа рхыԥхьаӡара акыр ирацәан, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Шьамтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ашҟа ихынҳәыз ауаагьы. 2018 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Шьамтәыла ацхраара ишазыхио азы.

Еиуеиԥшым адыррақәа рыла 500 000-ҩык рҟынӡа аԥсуаа нхоит ртәыла анҭыҵ. Адиаспора ду нхоит Ҭырқәтәыла, ирацәаҩуп Шьамтәыла, Европа, Америка, Канада инхо. Зынӡа 60 тыла рҟны инхоит аԥсуа хылҵшьҭрақәа.

Лаҵара 28 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарреи, Шьамтәылатәи Арабтә республикеи, Аахыҵ Уаԥстәылеи рыцҳаражәҳәаҩцәа Урыстәылатәи Афедерациаҟны реиԥылара. Аиԥылараан ацҳаражәҳәаҩцәа акоммиунике атекст еицрыдыркылеит, иахәҭаны иҟаз ашәҟәқәагьы еимырдеит.

Митинг, посвященный признанию Абхазии Сирийской Арабской Республикой