Арадио

Санӡааԥҳа Ҭырқәтәыла аԥсшәа арҵаратә курсқәа ирызкны: иаанзыжьыз маҷуп

Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа дырҵаразы акурсқәа даҽа ҩымз ирыцҵоуп, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Сусанна Саӡԥҳа ҭелла дзыҿцәажәаз ҳџьынџьуаа рхатәы бызшәазы дзырҵо Дали Санӡааԥҳа.
Sputnik
Санӡааԥҳа Ҭырқәтәыла аԥсшәазы арҵаратә курсқәа иазкны: иаанзыжьыз маҷуп

"Жьҭаармзазы ҳалагеит ҳкурсқәа, мшаԥымзазы ихҳаркәшарц ҳгәы иҭан, аха аҵаҩцәа иҟарҵаз аҳәарала, дара даҽа ҩы-мыз ирыцҵоуп. Абызшәа арҵара акурсқәа ҳџьынџьуаа даара гәахәарыла ирыдыркылоит. Уажәраанӡагьы абас еиԥш еиҿкааны иҳамазҭгьы, ҳалҵшәақәа иаҳагьы еиӷьхон ҳәа агәаанагара сымоуп.  Акурсқәа рахь аныҟәара иалаганы, анаҩс иаанзыжьыз даара имаҷуп: русура хыркәшаны, асааҭ хәба инаркны жәабанӡа ргәы ахымшәакәа абызшәа аҵара иаҿуп. Абызшәа злацәгьоу ала, ахәыҷқәа асҟаамҭа ирылшап ҳәа сгәы иаанагомызт, аха даара ргәы ақәкны аҵара иаҿуп", — азгәалҭеит Санӡааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.