Санӡааԥҳа Ҭырқәтәыла аԥсшәазы арҵаратә курсқәа иазкны: иаанзыжьыз маҷуп
"Жьҭаармзазы ҳалагеит ҳкурсқәа, мшаԥымзазы ихҳаркәшарц ҳгәы иҭан, аха аҵаҩцәа иҟарҵаз аҳәарала, дара даҽа ҩы-мыз ирыцҵоуп. Абызшәа арҵара акурсқәа ҳџьынџьуаа даара гәахәарыла ирыдыркылоит. Уажәраанӡагьы абас еиԥш еиҿкааны иҳамазҭгьы, ҳалҵшәақәа иаҳагьы еиӷьхон ҳәа агәаанагара сымоуп. Акурсқәа рахь аныҟәара иалаганы, анаҩс иаанзыжьыз даара имаҷуп: русура хыркәшаны, асааҭ хәба инаркны жәабанӡа ргәы ахымшәакәа абызшәа аҵара иаҿуп. Абызшәа злацәгьоу ала, ахәыҷқәа асҟаамҭа ирылшап ҳәа сгәы иаанагомызт, аха даара ргәы ақәкны аҵара иаҿуп", — азгәалҭеит Санӡааԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.