"Афильмқәа дырбара хацыркын Гәдоуҭа араионаҿ. Блабырхәа ақыҭан акиносахьа дырбара ҳгәы иҭамызт, аха дара рхала иҟарҵаз аҳәарала уахь иган "Анапыхьараџь". Ари аус ажәлар еизнагеит, ақыҭауаа рацәаны инеит, ахҭыс ибзиан ирыдыркылеит, аинтерес ду рызцәырнагеит. Ари апроект ақыҭауаа еибанарбоит, еиҳа еинырлоит", — ҳәа агәаанагара имоуп Гәынба.