"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мышәба амилатҭә чысхкқәа ирызкны
© Sputnik
"Ҳҵараиурҭахь иааиуа рҟнытә ирацәаҩуп ажәытә аԥсуа милаҭтә чысхкқәа рыӡбахәгьы змаҳац. Аԥсуа мгьал, хәажәкыра еиԥш иҟоу ачысқәа дырҵара хшыҩзышьҭра аҳҭоит, иара афатә аҟаҵашьа адагьы, аҭоурыхи ажәытәан ишыҟарҵози атәы рзеиҭаҳхәоит. Аха ирацәоуп амилаҭтә чысхкқәа рҟнытә еиҭа иҭҵаатәу", — ҳәа азгәеиҭеит Мышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.