Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Мышәба: аԥсуа милаҭтә чысхкқәа ирҵауланы иҭҵаатәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДжумбер Мушба
Джумбер Мушба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аусхкырацәатә коллеџь аҿы иҳааӡоу ахәыҟаҵаҩцәа ҳмилаҭтә чысхкқәа рыҟаҵашьа адагьы, рҭоурых реилҳаркаауеит ҳәа азгәеиҭеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны аколлеџь аиҳабы Џьумбер Мышәба.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Мышәба амилатҭә чысхкқәа ирызкны

"Ҳҵараиурҭахь иааиуа рҟнытә ирацәаҩуп ажәытә аԥсуа милаҭтә чысхкқәа рыӡбахәгьы змаҳац. Аԥсуа мгьал, хәажәкыра еиԥш иҟоу ачысқәа дырҵара хшыҩзышьҭра аҳҭоит, иара афатә аҟаҵашьа адагьы, аҭоурыхи ажәытәан ишыҟарҵози атәы рзеиҭаҳхәоит. Аха ирацәоуп амилаҭтә чысхкқәа рҟнытә еиҭа иҭҵаатәу", — ҳәа азгәеиҭеит Мышәба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0