Тҟәарчал раԥхьатәи аԥхынтәи акинотеатр аартра аԥшьыргеит аҿартә хеидкыла "Аҿар рыбжьы"-и, ақьаҷакьцәа ргәыԥ "Дождевой удар"-и. Аԥшьгамҭа адгалара арҭеит ақалақь ахадараҟны, иахәҭоу маругала еиқәдыршәеит.
"Ҳамчала иҟаҳҵеит ауаа ахьтәо аҭыԥқәа. Ҳгәы иҭоуп аԥхын иалагӡаны есыхәылбыҽха асааҭ жәба рзы ауаа акиносахьақәа дырбара. Еиуеиԥшым ақәра иаҵнакуа ҩышә-ҩык рҟынӡа ауаа неиуеит, ари рбага бзиоуп ҳақалақь азы. Ауаа еигәырӷьеит хәыҷык угәы ахьухашҭша, уԥсы ахьушьаша аҭыԥ ахьыҟалаз. Абри аҿырԥшыла аҿар идҳарбар ҳҭахуп аԥара ахымшәаакәа ак ҟауҵар шалшо", — иҳәеит Ҷкадуа.