Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҷкадуа аԥхынтәи акинотеатр азы: ауаа ргәы ахьырхашҭуа ҭыԥуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлан Чкадуа
Алан Чкадуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Тҟәарчалтәи аҿартә хеидкыла алахәыла Алан Ҷкадуа Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақалақь аҟны аԥхынтәи акинотеатр аартра шыҟалаз.

Тҟәарчал раԥхьатәи  аԥхынтәи акинотеатр  аартра аԥшьыргеит аҿартә хеидкыла "Аҿар рыбжьы"-и, ақьаҷакьцәа ргәыԥ  "Дождевой удар"-и. Аԥшьгамҭа адгалара арҭеит  ақалақь ахадараҟны, иахәҭоу маругала еиқәдыршәеит.

Ҷкадуа аԥхынтәи акинотеатр азы: ауаа ргәы ахьырхашҭуа ҭыԥуп

"Ҳамчала  иҟаҳҵеит ауаа ахьтәо аҭыԥқәа. Ҳгәы  иҭоуп аԥхын иалагӡаны есыхәылбыҽха асааҭ жәба рзы ауаа акиносахьақәа дырбара. Еиуеиԥшым ақәра иаҵнакуа ҩышә-ҩык рҟынӡа ауаа неиуеит, ари рбага бзиоуп ҳақалақь азы. Ауаа еигәырӷьеит хәыҷык угәы ахьухашҭша, уԥсы ахьушьаша аҭыԥ ахьыҟалаз. Абри аҿырԥшыла аҿар идҳарбар ҳҭахуп аԥара ахымшәаакәа ак ҟауҵар шалшо", — иҳәеит Ҷкадуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0