"Алабораториа аҳақьым есышьыжь аџьармыкьахь иааиуа ахшлых гәеиҭоит. Иҟалалоит ауаҩы аҭиразы иааигаз ахш аӡы аналоугьы, ус еиԥш аԥшәма ианиаҳҳәалак, ҳәарада, агәынамӡара изцәырнагоит. Ари аус ауадаҩра ду ацуп, аҭиҩцәеи ҳареи ҳанеибарххогьы ыҟоуп. Аџьармыкьа аҩныҵҟа ирҭиуа афатәқәа зегьы ргәаҭаразы ихымԥадатәны иҟоуп, анҭыҵ игылоу ракәзар, рыҭиитә ааганы агәаҭара иахрыжьыр рылшоит, уи азы мап рцәаҳкуам. Анаҩс раалыҵ ахаҭабзиара шыбзиоу атәы зҳәоу ашәҟәы рыҭаны иауҳашьҭуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.