Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Шамба: Аҟәатәи аџьармыкьа аҩныҵҟа ирҭиуа ахшлых агәаҭара иахысуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Шамба
Вадим Шамба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лассы-лассы аџьармыкьаҿы ирҭиуа афатә ахаҭабзиара агәыҩбара анузцәырнаго ыҟоуп. Ишԥеилкаатәу ахшлых ԥхасҭоу иԥхасҭаму, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аветеринартә-санитартә експертиза иатәу алабораториа анапхгаҩы Вадим Шамба.

"Хра злоу ахҭысқәа": Шамба ахшхарҵә аалыҵ агәаҭара ашымҩаԥысуа иазкны
"Алабораториа аҳақьым есышьыжь аџьармыкьахь иааиуа ахшлых гәеиҭоит. Иҟалалоит ауаҩы аҭиразы иааигаз ахш аӡы аналоугьы, ус еиԥш аԥшәма ианиаҳҳәалак, ҳәарада, агәынамӡара изцәырнагоит. Ари аус ауадаҩра ду ацуп, аҭиҩцәеи ҳареи ҳанеибарххогьы ыҟоуп. Аџьармыкьа аҩныҵҟа ирҭиуа афатәқәа зегьы ргәаҭаразы ихымԥадатәны иҟоуп, анҭыҵ игылоу ракәзар, рыҭиитә ааганы агәаҭара иахрыжьыр рылшоит, уи азы мап рцәаҳкуам. Анаҩс раалыҵ ахаҭабзиара шыбзиоу атәы зҳәоу ашәҟәы рыҭаны иауҳашьҭуеит", — ҳәа азгәеиҭеит Шамба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0