"Иҳадыҳкылаз аӡбамҭаҿы иарбан, уаанӡа аформа змаз ашколқәа зегьы ирыԥсахроуп ҳәа. Еилаҳкауеит уи иацнеиуа ауадаҩрақәа рацәаны ишыҟало. Ари шәшәышәҵар ҟалаӡом, абас ауп — ҳәа аҟаҵара хықәкыс иҳамамызт. Иахьа, Аԥсны иҟоу 156 школ рҟынтә, иаҳҳәап 56 аформа ныҟәыргозҭгьы, уи ашкол анапхгара еиҿыркааз аус иабзоураны ауп. Ҳара егьырҭ иаанхаз ашколқәагьы аҵаҩы имаҭәа ишәырҵартә ирылаҳҳәеит. Ари иаанагаӡом Аԥсны зегьы аҵаҩцәа еиԥшу ашәҵатәы ршәызар ауп ҳәа", — азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиаҭаз аинтервиу аҿы.