Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какоба: аҵаҩы дышҵаҩу еилукаартә еиԥш деибыҭазар ахәҭоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Какоба
Адгур Какоба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашколтә формеи ааигәа ҳтәыла аҵара аминистрра иаднакылаз ақәҵареи атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба.

"Иҳадыҳкылаз аӡбамҭаҿы иарбан, уаанӡа аформа змаз ашколқәа зегьы ирыԥсахроуп ҳәа. Еилаҳкауеит уи иацнеиуа ауадаҩрақәа рацәаны ишыҟало.  Ари шәшәышәҵар ҟалаӡом, абас ауп — ҳәа аҟаҵара хықәкыс иҳамамызт. Иахьа, Аԥсны иҟоу 156 школ рҟынтә, иаҳҳәап 56 аформа ныҟәыргозҭгьы, уи ашкол анапхгара еиҿыркааз аус иабзоураны ауп. Ҳара егьырҭ иаанхаз ашколқәагьы аҵаҩы имаҭәа ишәырҵартә ирылаҳҳәеит. Ари иаанагаӡом Аԥсны зегьы аҵаҩцәа еиԥшу ашәҵатәы ршәызар ауп ҳәа", — азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны иаиаҭаз аинтервиу аҿы.

Ажәабжьқәа зегьы
0