Арадио

Кәыҵниа: амашәыр ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа зегьы рҿы игылазароуп адырга ҷыдақәа

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Аҳынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы имҩаԥигаз апресс-конфренциаҿы иазгәеиҭеит Аҟәа аӡаҿы амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥ шыхкаахо.
Sputnik
Кәыҵниа: амашәыр ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа зегьы рҿы игылазароуп адырга ҷыдақәа

"Аӡы амшын иахьалало аҭыԥқәа ашәарат ара ду рыцуп. Урҭ аҭыԥқәа рҿы игылазар ауп адырга ҷыдақәа, аӡҭалара шыҟамло атәы ӡҳәо. Аиҳабыра имҩаԥнагаз аизара аҿы инаҵшьны иазгәаҭан, ақалақь анапхгарагьы адҵа рыҭан  амашәыр ахьыҟалаз аҭыԥаҿ  ихкаазарц, аӡҭалара иаҟәыхзарцаз", — ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа апресс-конференциаҿы.

Абри атәы инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит абра>>