Астудентцәа ахьӡааҟәрылаз аҭыԥ ахь анеира ԥкхоит

© Sputnik / Андрей Иглов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСпасательный круг висящий на ограждении буны на пляже. Архивное фото.
Спасательный круг висящий на ограждении буны на пляже. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусура иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аԥсуа телерадиоеилахәыра ахыбраҟны. Апресс-конференциа далахәын АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik, Бадри Есиава. Кьылашәыр амшын иахьалало аҭыԥ, ааигәа ҩыџьа астудентцәа ахьҭахаз аҿы анеира ԥкхоит, иҭахкаахоит иҳәеит имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

"Арыцҳара иҟалаз Аԥсны ауааԥсыра зегьы ргәы днархьит. Аӡиасқәеи амшыни ахьеилало аҭыԥқәа зехьынџьара ишәарҭаны ишьоуп. Уаҟа агәҽанҵаратә дыргақәа ыҟазароуп. Атәыла анапхгара ирыӡбеит абир аҭыԥ ҭахкаазарц", — ҳәа азгәеиҭеит Кәыҵниа.

Иара иҳәеит абарҭ аҭыԥқәа рҿы аӡеибафарақәа шыҟало.

Погода - Sputnik Аҧсны
АҶА аӡхәыҵалаҩцәа иӡааҟәрылаз рыԥсыбаҩқәа рыԥшааит

Агәҽанҵаратә дыргақәа реиԥш амшын аҟны апышҭақәа хҵатәуп, урҭ урхысыр шыҟамло азырбо. Аҽыкәабарҭатә ҭыԥқәа ракәзаргьы ахылаԥшра рыҭатәуп. Арҭ аҭыԥқәа арендла изгаз анаплакыҩцәа еиҿыркаароуп ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа. Усеиԥш аӡәгьы ихахьы имгацзар, араионтә администрациақәа ахылаԥшра ҟарҵалароуп ҳәа азгәеиҭеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла, арҭ зегьы афинанстә лагалақәа рҭахны иҟоуп.

"Амшын аԥшаҳәа иаҵанакуа 220 километра ахылаԥшра залшом. Арендаторцәа ма араионтә администрациақәа рхахьы иргароуп ашәарҭадара аиҿкаара", — иҳәеит иара.

Кәыҵниа игәаанагарала, азеиԥшҵаратә школқәа рҟны иалагалатәуп азыҟаҵарақәа аԥсабаратә рыцҳараан ахахәашьеи аҽаӡәы ацхыраара иҭашьеи дырҵаразы.

Астатистика инақәыршәаны, амшын аҟны шықәсык аҩныҵҟа иҭахоит 14-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра. Ашьхақәа рҿы иҭахоит 10-ҩык рҟынӡа.

Лев Кәыҵниа ари атемала ииҳәаз шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра аусура иазкыз апресс-конференциа мҩаԥысит Аԥсуа телерадиоеилахәыраҟны. Апресс-конференциа далахәын АҶА аминистр Лев Кәыҵниа.

Ажәабжьқәа зегьы
0