Арадио

Ажьиԥҳа: аԥсуаа рбызшәа дырҵараҟны уадаҩрас иҟоуп аԥхашьара

Аԥсуа бызшәа акурсқәа лҵшәақәас ирымоу атәы Sputnik аефир аҟны далацәажәеит Гагра араион аҵараҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.
Sputnik

"Аԥсуаа рбызшәа ахьырзымдыруа иацәыԥхашьоит, убри уадаҩрас иҟоуп. Аԥхашьара ааныжьны ацәажәара ианалагалак, алҵшәа аанараԥшуеит, хымԥада. Ҳәара аҭахума, аерманцәа, аурысцәа раасҭа иаҳа ирыцааиуеит, аха дара аԥсыуаан рбызшәа ахьырзымдыруа, ирҵазгьы аҳәара иаҟәыҵуашәа збоит, — лҳәеит Ажьиԥҳа.

Абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә еилакы иҳаҩсыз ашықәсазы апроект аԥшьнагаеит "Ачынуаа аԥсшәа дырҵаразы". Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа абызшәа дырҵаразы аурокқәа мҩаԥыргоит. Гагра араион аҿы бжьымзы имҩаԥысуаз акурсқәа ирхысыз 16 ҩык аршаҳаҭгақәа рырҭеит.

Абри атәы еиҳа инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра>>