Аҳәынҭқарратә бызшәа арҵаразы акурсқәа актәи аҩаӡара хырқәшоуп Гагра

© Sputnik / Саида Жиба Сертификат
Сертификат - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҵыԥхтәи ашықәс азы, Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан инақәыршәаны, атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟала, Аԥсны араионқәа рҟны аԥсшәа ззымдыруа, мамзаргьы иԥсыҽны изаҳауа Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа рзы Аҳәынҭқарратә бызшәа аҵаразы акурсқәа аартын.

ГАГРА, рашә 27 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Рашәара 27 рзы, Гагра ақалақь аҟны, абызшәатә курсқәа ирхысыз 16-ҩык Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа иранашьан аршаҳаҭгақәа.

Гагра ақалақь аҟны, ари апроцесс шымҩаԥысуаз ҷыдала хылаԥшра аиҭон араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

"Шықәсык аԥхьа абраҟа шәеизганы ишәылаҳҳәеит, Аҳәынҭқарратә бызшәа аҵаразы акурсқәа шааҳартуа. Шәхала иаашәырԥшыз агәаҳәара иабзоураны, иахьа аԥсуа бызшәазы адыррақәа шәоуит. Зынӡа иззымдыруази ҳареи аԥсшәа еибаҳҳәаратәы, ҳусқәа шцо еилаҳкааратәы ҳҟалеит. Иԥсыҽны издыруаз ракәзаргьы, рбызшәа цқьахеит", —иҳәоит Геннади Ҵәыџьба.

Саим Авидзба - Sputnik Аҧсны
Саим Аҩӡба: абызшәа мыӡырц аҳәынҭқарратә программақәа иҵегьы ирҭбаатәуп

Аршаҳаҭга анашьара аофициалтә церемониа Гагра араион Ахадареи, аҵара аҟәшеи рнаҩс иалахәын Аҳәынҭқарратә политиказы, Аҳәынҭқарратә Еилакы анапхгаҩы Баҭал Ҳагәышьи, ихаҭыԥуаҩ Ада Кәарҷелиаԥҳаи.

"Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русзуҩцәа шәзы, абызшәа арҵара х-ҩаӡаракны ишоит. Шәара иахьа ишәоуз аршаҳаҭга актәи ашьаҿа арҵабыргуеит. Агәаҳәара змоу шәзы, цәыббрамза инаркны, аҩбатәи аҩаӡара акурсқәа ааҳарҭуеит. Ҳара хықәкыс иҳамоу Аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан ауаажәлар рыларҵәара ауп. Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны амаҵураҭыԥқәа аанызкыларц згәы иҭоу шәзы Аҳәынҭқарратә бызшәа адырра хымԥадатәиуп. Аха уи иаанагаӡом, мчыла абызшәа шәҳарҵоит ҳәа", — еизаз идеилиркааит Баҭал Ҳагәышь.

Иара, убас иазгәеиҭеит, Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы, Аҳәынҭқарратә Еилакы аҟны изныкымкәа ишалацәажәахьаз, Гагра араион аҟны, зегь раасҭа, Аҳәынҭқарратә бызшәа арҵара аҭакԥхықәра шамаз. Идзырҵози, изҵози апроект гәахәарала ишазнеиз.

Шықәсык иалагӡаны, Цандрыԥшьтәи абжьаратә школ №2 адиректор, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Инна Бенделиани илылшеит, акурсқәа рахь иааиуаз, аԥсуа бызшәа актәи аҩаӡара иазынархаз апрограмма дырҵара.

"Аиашазы, ахәыҷқәеи адуцәеи аус рыдулара еиԥшӡам. Аҵаҩцәа рызнеишьа атәы ҳдыруеит, аха аҵара дуқәа зҵахьоу, Аҳәынҭқарратә ус знапы алаку Аҳәынҭқарратә бызшәа дырҵара, еиҳагьы аҭакԥхықәра ҳаднаҵоит. Иахьа ижәбо алҵшәақәа зыбзоуроу, дареи сареи ҳабжьара ииз аизыҟазаашьақәеи аилибакаареи роуп", — лҳәоит арҵаҩы.

Акурсқәа рахь иааиуаз, Аҳәынҭқарратә бызшәазы рдыррақәа аадырԥшит. Иҭабуп ҳәагьы рарҳәеит ирзааԥсаз.

"Сара схатәы бызшәала ицқьаны, сгәы ишаҭахыз еиԥш сызцәажәаӡомызт. Аха ҳарҵаҩы лыбзоурала, аԥсшәа қәнагала схы иасырхәо салагеит", — иҳәоит Гагра араион Ахадара аусзуҩ Самсон Демерџьиԥа.

Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа лыхәҭакахьала иҭабуп ҳәа ралҳәеит Аҳәынҭқарратә бызшәа арҵаразы акурсқәа еиҿызкаази, аҵаратә процесс иазааԥсази. Убасгьы иазгәалҭеит, акурсқәа ирхысыз иацәыԥхамшьакәа иалацәажәалар, наҟ-наҟ еиҳагьы ицқьано ирҳәаратәы ишыҟало.

© Sputnik / Саида Жиба Сертификат
 Сертификат - Sputnik Аҧсны
Сертификат

Ажәабжьқәа зегьы
0