Аминистрцәа реилатәараҿы аусбарҭақәа реиҳабацәа рхаҭыԥуаа шьақәдырӷәӷәеит

Ахәаша, рашәара 29 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.
Sputnik

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы еиуеиԥшым аусбарҭақәа реиҳабацәа рхаҭыԥуаа 12-ҩык шьақәдырӷәӷәеит. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа ҩыџьа алырхит

Рафаель Амԥар – Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аҳәынҭқарратә еилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс деиҭашьақәырӷәӷәоуп.

Мурман Соломкои Ҭимур Ӡыбеи Аԥсны аекологиеи аԥсабара ахьчареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаас ишьақәырӷәӷәоуп.

Дмитри Еник Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс деиҭашьақәырӷәӷәоуп.

Камо Мелкумов, Рауль Бебиа, Ҭамаз Ҳашба Аԥсны атранспорт азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаас еиҭашьақәырӷәӷәоуп.

Лелиа Каҷарааԥҳа Аԥсны Аҳәынҭқарратә статистика Аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩыс деиҭашьақәырӷәӷәоуп.

Карине Паршинеи Амирана Какалиеи Аԥсны аџьеи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр ихаҭыԥуаас ишьақәырӷәӷәоуп.

Ерик Агәмааи Ҭимур Бигәааи Аԥсны астандартқәеи, ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаас ишьақәырӷәӷәоуп.

Рауль Бебиеи Ҭамаз Ҳашбеи Аԥсны аҳәынҭқарратә антранспорттә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаас ишьақәырӷәӷәоуп.

Камо Мелкумов Аԥсны аҳәынҭқарратә абнатә усбарҭа аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс деиҭашьақәырӷәӷәоуп.