Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа ҩыџьа алырхит

© Sputnik / Томас ТхайцукВручение верительной граммоты послом РФ в Абхазии Алексеем Двиняниным президенту Абхазии Раулю Хаджимба
Вручение верительной граммоты послом РФ в Абхазии Алексеем Двиняниным президенту Абхазии Раулю Хаджимба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахәаша, рашәара 29 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аминистрцәа Реилазаара аилатәара.

АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Ахәаша, рашәара 29 рзы имҩаԥысит изаамҭанытәиу Аминистрцәа Реилазаара аилатәара. Аилатәараҿы ишьақәырӷәӷәан Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаа ҩыџьа: Иракли Ҭыжәбеи Одиссеи Бигәааи. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаалыцҳауеит Sputnik акорреспондент.

Иракли Ҭыжәба диит 1978 шықәса жьҭаара 13 рзы, Аҟәа ақалақь аҟны. 2002 шықәса рзы далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зиндырратә факультет. Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аус иуеит 2004 шықәса раахыс. 2015 шықәса раахыс Женеватәи аиҿцәажәарақәа дырлахәылоуп.

Одиссеи Бигәаа диит 1977 шықәса ажьырныҳәа 19 рзы, Аҟәа ақалақь аҟны. Башкириатәи Аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. 1998 шықәса раахыс аус иуан Аԥсны апрокуратура аорганқәа рҟны. 2014 шықәса раахыс Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ ицхырааҩыс аус иуан.

Ажәабжьқәа зегьы
0