"Атәылауаҩи аиҳабыреи": Лазба афымца ахә ахшәаара иазкны
© Sputnik
"Уажәтәи аамҭа ауаҩы аҭел имазароуп, уи ада ԥсыхәа шимам идыруеит, иҭоу аԥара анынҵәалак днеины иҭаиҵоит, алашара акәзар, уалла иаҳҭоит аҟнытә, аԥара ахшәаара даҟәыҵуеит. Ус анакәха, аԥара аныумшәа, алашара ицәароуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам. Ари аӡҵаара аӡбараҿы иҳадгылароуп араионқәа рнапхгаҩцәа. Ианҳарцәо, аимак-аиҿак ахылҿиаауеит, убри аамҭазы амилициа уа иҟазароуп, апрокуратура акәзар, рус нарыгӡароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Лазба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.