"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Какоба Аԥсны ашколқәа русура иазкны
© Sputnik
"Аԥсуа бызшәазы азакәан инақәыршәаны ажьырныҳәа 23, 2014 шықәсазы, Аԥсны адепутатцәа реизара иаднакылеит ақәҵара, уаҟа иазгәаҭоуп "дарбанзаалакгьы ашкол аушьҭымҭа Аԥснытәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭало, мамазаргьы Аԥсны анҭыҵ ицома, иахьыҟазаалакгьы аԥсуа бызшәа аԥышәара рҭиироуп" ҳәа. Ари закәанны иҟоуп, уи ҳақәныҟәаны аусура ҳаҿуп. Сынтәа хышықәсоуп аԥышәара мҩаԥаҳгоижьҭеи, аха убри анымҩаԥаҳго аамҭазы еснагь ацәажәарақәа ахылҿиаауеит. Урыстәыла аҵара иҭалозаргьы, иалган ианаауа абызшәа изымдыруазар, аҭыԥқәа рҟны аус иур ҟалаӡом ҳәа, убри аҩызагьы азакәан шыҟоу рдыруазароуп", — ҳәа азгәеиҭеит Какоба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.