"Коӷониаԥҳа лымҩаду": Шларԥҳа иаԥсыуам ашколқәа рҿы аԥсуа бызшәа дырҵара иазкны
© Sputnik
"Ҳара ҳашкол аҿы аҩбатәи акласс инаркны иалагалоуп аԥсуа бызшәа, ацәажәаратә аурокқәа рыла, нас актәи аҩбатәи аетап ҳәа еихшаны. Жәашықәса аԥсуа бызшәа зҵаз, ԥсышәала дхәыцыртә еиԥш, иажәаҳәа аҽарҭбаартә еиԥш аҟаҵара аҭагылазаашьа ыҟоуп, иаҭаху ашәҟәқәа рыла ҳаиқәшәоуп", — ҳәа азгәалҭеит Шларԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.