Арадио

Бигәаа: аҩы – аԥсуа иныҳәага ауп

Избан аныҳәарақәа рҿы аҩы еиқәаҵәа зыҟоу, иныҳәозма аԥсуаа ҩыла, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Валери Бигәаа.
Sputnik
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Бигәаа аныҳәарақәа рҿы аҩы аҟазаара иазкны

"Аԥсуа ҳныҳәарақәа, жәабраныи хәажәкыреи аламҵакәа, зегьынџьара аҩы ыҟан. Аҩы аҟамлара уи аԥсылманра иҟанаҵаз, иаанагаз, акоуп. Ианакәзаалакгьы, аԥсуа аҩы иман, уи иара итәуп, иныҳәага ауп. Иарма напала ацәашьы кны, иарӷьа напала аҵәца иԥхеи-ԥхеиуа аҩы кны дныҳәон. Амшаԥы ҳаԥшьа, Қьырса ҳаԥшьа- аҩы ыҟоуп. Ҳәарада, доусы иҿы еиԥшым аныҳәагатәқәа рымҩаԥгашьа, ҩыџьа аишьцәа рыжәхьашьа шеиԥшым еиԥш. Ус анакәха аныҳәагатәқәа рымҩаԥгашьа акәамаҵамарақәа еиԥшымзаргьы, абҩа ҳәа изышьҭоу, аҩны андыргылоу абҩа амамами, Ацуныҳәара иахьазы ишымҩаԥырго абҩа зегьынџьара еиԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.