"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Бигәаа аныҳәарақәа рҿы аҩы аҟазаара иазкны
"Аԥсуа ҳныҳәарақәа, жәабраныи хәажәкыреи аламҵакәа, зегьынџьара аҩы ыҟан. Аҩы аҟамлара уи аԥсылманра иҟанаҵаз, иаанагаз, акоуп. Ианакәзаалакгьы, аԥсуа аҩы иман, уи иара итәуп, иныҳәага ауп. Иарма напала ацәашьы кны, иарӷьа напала аҵәца иԥхеи-ԥхеиуа аҩы кны дныҳәон. Амшаԥы ҳаԥшьа, Қьырса ҳаԥшьа- аҩы ыҟоуп. Ҳәарада, доусы иҿы еиԥшым аныҳәагатәқәа рымҩаԥгашьа, ҩыџьа аишьцәа рыжәхьашьа шеиԥшым еиԥш. Ус анакәха аныҳәагатәқәа рымҩаԥгашьа акәамаҵамарақәа еиԥшымзаргьы, абҩа ҳәа изышьҭоу, аҩны андыргылоу абҩа амамами, Ацуныҳәара иахьазы ишымҩаԥырго абҩа зегьынџьара еиԥшуп", — ҳәа азгәеиҭеит Бигәаа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.