Британиатәи аполициа Скрипальраа рус еиҭа иалацәажәоит

Британиатәи аполициа аҳәамҭа ҟарҵеит Скрипальра рус аҭҵаара аҿыцрақәа шалагалоу.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 3 — Sputnik. Британиатәи аполициа аҳәамҭа ҟарҵеит Скрипальра рус аҿы агәызҩара зызрымоу ҩыџьа ауаа шырыԥшааз азы. Аусҭҵаарақәа мҩаԥысуеит ԥшьымз инарзынаԥшуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ The Sun адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Агәызҩара ззыҟоу ауаа Британиа аҵакыра аанрыжьит ацәгьоура аныҟала ашьҭахь 24 сааҭ рыҩныҵаҟа. Урҭ уажәы Урыстәыла иахьаҵанакуа иҟоуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит аполициа рҿы. Дара ргәаанагарала, аусҭҵаараҿы ари акраҵанакуаны иҟоуп.

Лондон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿ Иулиа Скрипаль рзы агәҭынчымра рымоуп

"Ҳара иаҳхықәкуп арҭ ауаа аполициа рҿаԥхьа рнагара. Урҭ Британиа аҵакырадгьыл аҟны рыҟамзаара аус шаруадаҩуагьы", — ҳәа аҳәоит The Sun адырраҭараҿы.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Иулиа Скрипаль Урыстәылаҟа ахынҳәра лҭахуп

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.