Иулиа Скрипаль Урыстәылаҟа ахынҳәра лҭахуп

© REUTERS / Dylan MartinezЮлия Скрипаль
Юлия Скрипаль - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иулиа Скрипаль амаҵзура Реитер аинтервиу алҭеит ахәышәтәырҭа данҭыҵ ашьҭахь.

АҞӘА, лаҵара 24 — Sputnik. ГРУ уаанӡатәи аусзуҩ Сергеи Скрипаль иԥҳа, Иулиа Скрипаль амаҵзура Реитер аинтервиу аналҭоз илҳәеит Урыстәылаҟа ахынҳәра шлыгәҭаку ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Госпиталь в Солсбери, где находятся Сергей Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
Сергеи Скрипаль ахәышәтәырҭа дылырҩааит

"Саб игәабзиара шьақәгылаанӡа сицхраалар сҭахуп. Ԥхьаҟазы исыгәҭаку стәылахь, сыҩныҟа ахынҳәроуп", — лҳәеит лара.

Лара убасгьы иазгәалҭеит Лондон иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа рыцхыраара шлыдыргалаз. Уи азы адипломатцәа ҭабуп ҳәа раҳәо илҳәеит уажәазы урҭ рыцхыраара лҭахны дшыҟам.

Скрипаль иара убасгьы Солсбери ахәышәтәырҭа аҳақьымцәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит рыгәцаракразы.

Иулиа Скрипаль ахәышәтәырҭа дылҩаан мшаԥы 10 рзы.

Хәажәкыра 4 рзы Солсбери, Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа аус рыцызуаз, уаанӡа ГРУ аус зуаз Сергеи Скрипали иԥҳаи ахәшә рырҭеит.

Абри аан ахархәара аман Урыстәыла иҭыжьу амаҭәашьар А234 "Новичок" ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит Британаитәи амаҵзура ҷыда.

Урыстәыла акәзар абри мап ацәнакит.

Британиа ду Аԥыза-министр Тереза Меи абри инадҳәаланы Урыстәылатәи адипломатцәа 23-ҩык атәыла иалцахоит, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәагьы русура ԥкхоит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.

Ограждения, выставленные полицией города Солсбери, у входа в парк, где на скамейке были обнаружены  бывший полковник ГРУ Сергей Скрипаль и его дочь Юлия - Sputnik Аҧсны
Иулиа Скрипаль ахәышәтәырҭа дылырҩрааны дыҟоуп

Убри аҭакс Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра хәажәкыра 17 рзы 23-ҩык Британиа ду Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа "персона нон грата" ҳәа ишьаны мчыбжьык аҩныҵҟала Урыстәыла аанрыжьроуп ҳәа аӡбра аднакылеит.

Уи ашьҭахь "Скрипаль иус" инадҳәаланы, ЕАШ (США) аҳәамҭа ҟанаҵеит атәылаҟынтәи 60-ҩык урыстәылатәи адипломатцәеи 12-ҩык ООН иҟоу атәыла ахаҭарнакра аусзуҩцәеи атәылаҟынтә ишықәцахои Сиетл иҟоу Урыстәылаа консулра хада шадыркуеи рзы.

Иара убри аан иарбанызаалак Урыстәыла ахара ахаразтәыша ршаҳаҭга ыҟан иҟамызт.

Москва акәзар, имҩаԥысуа провокациоуп ҳәа ахнаҳәаауан. Владимир Путин иакәзар иазгәеиҭеит Урыстәыла ахимиатә бџьар амам ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0