Игор Адлеиба диандаҭлараны дыҟоуп Ермантәыла аспортсмен Михаил Авакиан

Екатеринбург ԥхынгәы 14 рзы имҩаԥысраны иҟоу апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҿы аԥснытәи аспортсмен Игор Адлеиба диандаҭлараны дыҟан Қырҭтәыла аспортсмен Мераб Туркаӡе.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Аԥснытәи аспортсмен Игор Адлеиба диандаҭлараны дыҟан Қырҭтәыла аспортсмен Мераб Туркаӡе, аха Туркаӡе ақәгылара мап ацәикит. Уажәшьҭа ҳаспортсмен диандаҭлараны дыҟоуп Ермантәыла аспортсмен Михаил Авакиан ҳәа Sputnik иазааицҳаит Игор Адлеиба именеџьер Андреи Черезов.

Игор Адлеибеи ақырҭуа спортсмени еиндаҭлоит

"Игор диандаҭлараны дыҟан ақырҭуа боксиор Мераб Туркӡе, аха иара мап икит. Макьаназ уи амзыз ҳаздырам. Уажәазы ҳапланқәа рҿы иҟоуп Ермантәыла аспортсмен Михаил Авакиан ицықәгылаар", — иҳәеит Черезов.

Екатеринбург ԥхынгәы 14 рзы имҩаԥысраны иҟоу апрофессионалтә бокс ахәылԥаз аҿы аԥснытәи аспортсмен Игор Адлеиба диандаҭлараны дыҟан Қырҭтәыла аспортсмен Мераб Туркаӡе.

Уаанӡа аспортсмен Sputnik иазеиҭеиҳәахьан ақәгылара иҽшазирхио, дзындаҭло аспортсменгьы аԥышәа дуны ишимоу.

Игор Адлеиба изныкымкәа Аԥсны дачемпионхахьеит, Урыстәылатәи Афедерациаҿы жәларбжьаратәи атурнирқәа рҿы аиааирақәа игахьеит.