Коӷониаԥҳа лымҩаду: Абҳазоу автортә хәылԥазқәа рымҩаԥгара иазкны
© Sputnik
"Ҳара иаадыруазароуп, имҩаԥааго аныҳәа зызку, насгьы иара аформат. Изеицәааӡарызеи, ҳара аиубилеитә хәылԥазы, анаука-практикатә конференциа, агәалашәаратә хәылԥазы, анаҳцәеилагогьы ыҟоуп. Ҳәарада, абиԥарацыԥхьаӡа ари аус азнеишьа аҽеиҭанакуеит. Аха ажәытәи аҿатәи еиҿбааны имҩаԥгалатәуп. Ҳәарада, иарбанзаалакгьы ашәҟәыҩҩы, аҟазаҭҵааҩ, арежиссиор, уҳәа ирызку ахәылԥазқәа иаҭахуп ахарџь, аха ҳара иҟаҳҵалакгьы, ахарџь ацӡам, избанзар аԥара ыҟаӡам", — ҳәа азгәеиҭеит Абҳазоу.