Лассы-лассы ԥхыӡла избо иацтәи с - Аҟәа

Лассы -лассы лыԥхыӡ иалоу иацтәи Аҟәа аҭоурых дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Светлана Ладариаԥҳа.
Sputnik

Сықалақь ԥшӡа, сықалақь лаша… Аиаҵәара иҭаҳәҳәоу, алашара злаҷҷоу, зықьҩыла аԥсшьаҩцәа зымҩа иқәу… Иацтәи с-Аҟәа, иудыруандаз заҟа угәхьаазго.

Ҩеижәа ҩеижәижәаба шықәса раԥхьа Аԥсны иҟан "сухумчанин" ҳәа ззырҳәоз амилаҭ – Аҟәа иашьагәыҭыз, ара ииз, изызҳаз. Урҭ дара акалашәа еилибакаауан. Рцәажәашьа, рхымҩаԥгашьа, рынеиҭаҵ-ааиҭаҵшьала егьырҭ ақалақьуаа ирылаӡҩомызт. Иаразнакы дудыруан узацәажәоз "сухумчанин" ҳәа ззырҳәоз дышреиуаз. Рықалақь гәакьеи дареи ирыбжьаз абзиеибабара дугьы изыҽԥынгылаз амшын еиԥшҵәҟьа еилаҽҽон.

Урҭ рыԥсқәа иҳацрымшәо иҳацуп

Аҟәа акәзар, аҭыԥҳа хымкыц леиԥш ицқьа-шәқьаӡа иҟан. Амҩа дуқәа ухәы рынҵаны иуфар ауеит ҳәа шырҳәо еиԥш быбыцк рнымызт. Исгәалашәоит, ашьыжь анаашарккоз амҩақәа ирнысуан иҷыдаз аԥссага машьынақәа. Урҭ инарышьҭарххны, ақалақьуаа рыҩнқәа ирдәылҵны ақалақь иалалаанӡа, рҿынархон амҩаӡәӡәага машьына дуқәа. Ес-шьыжьы абри аус ҽеиҭакрак амамызт. Ес-шьыжьы ирыԥссон, нас ирыӡәӡәон аҳҭнықалақь. Амҩа унаныларгьы аҳауа еилыхха иаауныруан.

Аҳәара аҭахым ауаагьы рықалақь аҽакалаӡа ишазыҟаз, бзиа ишырбоз, извысны ицоз чықьк хынааргьы инеины ишдыриашоз, ҵлак амахә хжәаргьы аҳақьым бзиа иеиԥш ишацхраауаз.

Абасеиԥш ашәҭыц еиԥшха иҟаз аҳҭнықалақь аибашьраан инзыжьыз ҳаҷкәынцәагьы рыԥхыӡ иалаз иаракәын, рхы-рыԥсы иамеигӡа иззыхынҳәырц ирҭахызгьы иаракәын. "Асааҭ ду амҵаны ҳаиқәшәоит" рҳәон дара жәылараҳәа рҿанаархоз. Уаанӡеиԥш, ишыҟарҵалацыз еиԥш.

Жәаҩыла, шәҩыла рхы ақәҵаны иҳаздырхынҳәит урҭ ҳ-Аҟәа. Ҳхынҳәит ҳаргьы. Ҳархылеит ҳаҩнқәа. Уаанӡа иаабахьаз абаҟахыз. Алҩафҩы алышәшәон, ахәраҭыԥ иаганы иҟан. Иацәыӡыз ахшара азыхгомызт. Ихадароу ахынҳәракәын, зегь еиҭашьақәҳаргылоит – ҳҳәон ҳара.

Аха усҟан издыруадаз иаҳҳәози иҟаҳҵараны иҟази геи-шьхеи шрыбжьаз. Шьаҿа-шьаҿала аиҭаҿиара амҩа ҳанылеит… уиижьҭеи иаарласны иҵраны иҟоуп 25 шықәса.

Ҳәарада аиҭакрақәа умбарц залшом, аха ицаз аамҭеи иҟаҵоуи еиҿурԥшыр… Иахьазы еиҳабугьы еиҵбугьы ҳаҳҭнықалақь малрҳаганы иахәаԥшуа иалагеит. Иара ақалақьуаагьы абрахь аамҭақәак аагылара иаазшәа, нас инахыҵны ицоушәоуп ишазыҟоу. Ус акәымзар ишԥаҟаларыз агәамсам иахәаҽуа, игәынқьуа ҳақалақь. Ибзиоуп, аиҳабыра иахәҭоу аҟәрышь "рымамзаап" иара ишахәҭоу арҽеиразы, аха ҳара иаланхо аҟьамсар аҟьамсарҭраҟынӡа ианнаҳамго, аԥшаҳәаҟны ҳтәаны ҳаԥсы анаҳшьо ҳавара игыло аурнақәа инарыцәхыкны азараҟьа-цәа анкаҳаԥсо, ахаа-мыхаа ззааҳхәо ахәыҷқәа акамфеҭ-цәа иахьабалак ишкажжьтәым анраҳамҳәо… Уигьы аԥара аҭахума???

Иҟамлааит уаҳа ҳадгьыли ҳажәлари еиҟәыганы

Ииашоуп, ицқьоу аҟьашьра уҭаххаӡом, агәам агәам анацуҵо ибааԥсу акгьы ҟаумҵазшәа убоит, аха ари ҳара ҳақалақь ауми. Ҳара ҳауми изтәу. Ақалақьуаа аиҳабыра ирҿыԥшуеит, аиҳабырагь ақалақьуаа ирҿыԥшуазар акәхап. Ақыҭамҩа изеиӷьымхаз ҳамҩақәа ррыцқьара зымч ақәымхо Узбекистан атәылауаагь, рышьҭахьҟа ианыгьыжьлак, мышкызны рмоҭацәа ирзеиҭарҳәозар акәхап "Аҟәа ҳәа џьара ҳаҟан. Агәамсам арыцқьара ҳахьӡомызт" ҳәа.

Ааигәа ақалақь Ахадара зыҩноу ахыбраҿ аҭыԥ еиҭааннакылеит еицырдыруа, аҭоурых ду змоу асааҭ. Ажәытә зны Асовет Еидгылаҿ реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа Аҟәа рылкааны ҳамҭас иарҭахьаз.

Исҭахуп ҳақалақьуаа абри асааҭ ианахәаԥшуа уи аҭоурых ргәаладыршәаларц. Исҭахуп анацәеи абацәеи рыхшара анырааӡо иахьиз-иахьааӡаз, иахьынхо рықалақь абзиабарагьы рыларааӡаларц. Исҭахуп амилаҭ ҷыда "сухумчанин" еиҭацәырҵырц.

Исҭахуп лассы-лассы ԥхыӡла избо иацтәи Аҟәа санааԥшлак илабҿабахарц…

Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар алшоит.