Гәдоуҭатәи амҩақәа акаҭран рықәҵара иалагеит

2017 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа инақәыршәаны Гәдоуҭа араион иазоужьын миллиард мааҭ. Аԥарақәа ахархәара рзутәуп 2019 шықәсанӡа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Уажәы абри апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны Гәдоуҭа ақалақь Ӡиӡариа имҩаҿ акаҭран ақәҵара иалагеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Гәдоуҭа ақалақь Ахада ихаҭыԥуаҩ Даур Ӡиӡариа.

Аӡхыҵра иахҟьаны Гәдоуҭа араион аҿы аԥхасҭа зауз ацхыраара рыҭахоит

"Ҳара уажәы Ӡиӡариа имҩа нап алаҳкит. Аусурақәа цоит. Иазыԥхьагәаҭоуп урҭ ҩы-мчыбжь рышьҭахь рхыркәшара", — иҳәеит Ӡиӡариа.

Иара иҳәеит акаҭран Лыхнытәи амҩеихысырҭаҟынӡа ишышьҭаҵахо.

"Ҳаԥхьаҟаз иазыԥхьагәаҭоуп Афырхацәа рымҩа аиҭашьақәыргылара. Уа зегьы акаҭран ақәҵара иазырхиоуп", — иҳәеит иара.

2017 шықәса рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара ацхырааразы Аинвестициатә программа инақәыршәаны Гәдоуҭа араион иазоужьын миллиард мааҭ. Аԥарақәа ахархәара рзутәуп 2019 шықәсанӡа.