Аӡхыҵра иахҟьаны Гәдоуҭа араион аҿы аԥхасҭа зауз ацхыраара рыҭахоит

© Sputnik / Томас ТхайцукГлава гудаутского района Руслан Ладария во время встречи с президентом
Глава гудаутского района Руслан Ладария во время встречи с президентом - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа леит ԥхынгәы 14 рзы. Убри иахҟьаны Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 17 — Sputnik. Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа леиит ԥхынгәы 14 рзы. Убри иахҟьаны Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариа.

"Ақәаршҩы акыр иӷәӷәан. Ақалақь амҩадуқәа Габечиа, Маиаковски, Ҷанба рыхьӡ зху аҩарӡ рнылеит. Ауаа рынхарҭақәа аԥхасҭа роуит. Аԥхасҭа маҷымкәа иаиуит Абӷархықә ақыҭа. Уа амҩа аӡәӡәеит, амхырҭақәеи ажьҭрақәеи аӡы рыҵаҵәеит.

Наводнение. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит

Асеиԥш ақәоура абӷархықәаа иргәалашәом. Ашьыжь асааҭ ааба инаркны шьыбжьон асааҭ ҩбанӡа ақәа шлеиц илеиуан", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ладариа.

Уажәы араион Ахадара ақәаршҩы иахҟьаз аԥхасҭа аԥхьаӡара иаҿуп.

"Акомиссиа аҩнқәа 18 ирҭаахьеит. Уаҟа актәи аихагылақәа аԥхасҭа рыҭоуп. Абзазаратә техника ԥхасҭахеит. Акомиссиа уажәы зегьы ҭарыҩуеит. Аматериалтә цхыраара аҟаҵашьа ҳазхәыцраны ҳаҟоуп", — иҳәеит иара.

Гәдоуҭа араион аиҳабы ишиҳәаз ала, аӡы зыҩны иҩналаз ауаа рыԥхасҭа ахәшәара уадаҩхоит араион алшара ахьамам иахҟьаны. Убри инамаданы дара ирыгәҭакуп Аԥсны аиҳабыра рахь аҳәара ҟарҵарц ацхырааразы.

Ақәаршҩы иахҟьаны аԥхасҭа рыҭоуп ақыҭақәа Абӷархықәи Ааци.

"Иҟоуп амҩақәа ахьаӡәӡәаз. Араҟа иҳамоу атехника ҳазҳархоит. Уажәазы арҭ ақыҭақәа рҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит", — иҳәеит Ладариа.

Араион Ахада иажәақәа рыла, ҭыԥқәак рҟны адамбақәа рыргылара аҭаххоит.

"Аӡиас Гәдоу ҭрыцқьаатәуп. Кистрики Ааԥсҭеи ракәзаргьы, рӡышьҭрақәа рыцқьатәуп", — ҳәа еиҭеиҳәоит Руслан Ладариа.

Гәдоуҭа араион аҿы ақәаршҩы ӷәӷәа леиит ԥхынгәы 14 рзы. Убри иахҟьаны Гәдоуҭа амҩадуқәа хԥеи Абӷархықә ақыҭеи аӡы рыҵалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0