"2013 шықәсазы Тҟәарчал ақалақь аҿы инхо ӷәыԥҩык аҳәара ҟарҵеит агәыҳалалра-культуратә фонд «Ашана» ахь ақалақь агәҭа ауахәама ргылазарц. Афонд аиҳабы Беслан Шьакаиа ахшыҩҵак адгылара аиҭеит. Аиааира 20 шықәса ахыҵра мышқәак шагыз Тҟәарчал ишьҭаҵан ахаҳә, иԥшьан аҭыԥ ауахәама ахьыргылахо. Усҟан иазыӡбан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҟны игоу аиааира 25 шықәса анахыҵуа ауахәама ргыланы иалгоит ҳәа. Аха еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны уи залыршамхеит. Агеологиатә ҭҵаарақәа рышьҭахь еилкаахеит иалхыз аҭыԥ шҳәазо. Уи ашьҭахь аб Басариан аҭыԥ ԥшӡа алыихит, аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз анышә иахьамадоу аҿаԥхьа. Иааиуа амза ԥшьба рзы имҩаԥгахоит амарафон, жәлары зегьы еизырго аԥарала ауахәама ргылазарц. Амарафон мҩаԥнагоит афонд "Ашана". Ҳара иҳамоуп еиуеиԥшым ашәышықәсақәа рзы иргылаз аҭоурыхтә баҟақәа 21 –тәы ашәышықәсазы иргылаз ауахәама ҳәа аригьы аҭоурых аҿы иаанхап. Ҳаԥхьаҟа изызҳауа аҿар ирдыруазааит аԥсуаа ауахәамақәа еснагь ишдыргылоз", — лҳәеит Чачхалиаԥҳа.